Аԥсуаа рхылҵышьҭрақәа адунеи иалаԥсоуп. Џьара-џьара урҭ гәыԥ-гәыԥла рҽеидыркылозар, Шотладниа инхо аӡәызаҵәык лоуп. Риҵа Анқәабԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, Ашықәс ҿыц атрадициақәа атәым тәылаҿы, насгьы лыԥсадгьыл ахь илымоу агәхьаагара шхылҽуа, лхәыҷра шықәсқәа раан аныҳәа ҭаацәашәала Аԥсны ишаԥылоз.
Шотландиа шьҭа 12 шықәса инхо Риҵа Анқәабԥҳа илҳәоит Аԥсны даара ишыгәхьаалго.
"сыздыруа зегьы сара сҟынтәи Аԥсны агәхьаагара дара рахьгьы ииасит ҳәа сыҟоуп. Зны убрахь ҳцандаз, иаҳбандаз ҳәа рҳәоит. Иаасыдгыло зегьы аԥсуа ичыс атәы рдыруеит. Аҟәыд, абысҭа шәыгәхьаазго ала, аныҳәа чысс исымоу иароуп. Абысҭа ҟаҵара, аԥшаара мариаӡам", -ҳәа еиҭалҳәеит Анқәабԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит лгәалашәарақәа ртәы Аԥсны ашықәс ҿыц ҭаацәашәала ишаԥылоз атәы. Урҭ реиԥыларақәа ирыцыз аԥхарра сахьыҟазаалакгьы сарԥхоит, ҳәа азгәалҭеит лара.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.