Арадио

Анқәабԥҳа-Сымсым Ашықәс ҿыц азы: ҳанҭалалак нахыс есымша ҳастол хианы игылазароуп

Џьырхәа ақыҭан инхо, занааҭла ирҵаҩу, ԥшь-ҩык ахшаара ирану, быжь-ҩык амаҭацәа ирандуу Мактина Анқәабԥҳа-Сымсым арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, ишԥамҩаԥгатәу Ашықәс ҿыц актәи амш, аҭаацәара зегьы рзы ибарақьаҭхарцаз, иарбан ҵасқәоу дара изықәныҟәоу.
Sputnik
Ашықәс ҿыц ҭаацәаратә ныҳәоуп, зегь реиҳа бзиа избоит сара хаҭала, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажҿараҿы Мактина Анқәабԥҳа-Сымсым. Аныҳәа раԥхьатәи амш азы уашҭа иҭалаз ҳамҭа хәыҷык иҭатәуп, ус иаԥуп, усас шаҟа игәы изыҟаҵаз аҟара уара иузацлоит, ҳәа лҳәеит лара.
"Санхәа лаахыс избаз ауп, Ашықәс ҿыц ҳанҭалалак нахыс есымша ҳастол хианы игылазароуп. Аӡә данааилакгьы ахьуарӡы мазеины иҟазароуп. Рнапы ӡәӡәаны астол ианынахатәо абысҭа ԥханы ирымҵаургылароуп. Ари ныҳәа дууп, усас шаҟа угәы разны, угәы раҳаҭны дудукылаз аҟара, уаргьы уаԥхьаҟа ԥеиԥш лашаны иуԥылоит", - ҳәа лҳәеит аԥшәмаԥҳәыс.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.