Ҷанԥҳа иазгәалҭеит, ацәыргақәҵақәа рҿы ишӡыраргахьоу 2025 шықәсазы аԥыжәара зыҭахо абақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳарџьла иқәҵоу, ашифон, абырфын. Иара убас ахьи араӡни ирылху ахәдахаҵақәа, алымҳарыҩ дуқәа.
Амаҭ ацәа еиԥшу аба, мамзаргьы асахҭан – трендуп, актуалра рымоуп. Аԥшшәқәа рганахьала, иаҳа ицәышу, иаҳа итату аԥыжәара рымазаауеит.
1920-1930-тәи ашықәсқәа раан ахархәара змаз ашәҵатәы еиҭа ицәырҵуеит. Атвид, асахҭан, аџьынс еснагь ахархәара рымазаауеит ҳәа азгәалҭеит Ҷанԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.