Урыстәыла

Атеррористтә қәлара рҽазыҟарҵон ҳәа ԥшьҩык арԥарцәа ааныркылеит Екатеринбург

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Екатеринбург ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥ аҿы атеррористтә қәлара рҽазыҟарҵон ҳәа ԥшьҩык арԥарцәа ааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.
"Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура ианнакылеит 2007, 2008 шықәсқәа рзы ииз Урыстәыла атәылауаа ԥшьҩык. Урҭ Урыстәыла атерриториаҿы ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаара агәаанагара ацеиҩыршоит, насгьы Екатеринбург ақалақь аҿы ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны напылаҟаҵаралатәи атҟәацга ахархәарала атеррористтә акт амҩаԥгара ргәы иҭан", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Иаанкылоу рахьтә ҩыџьа Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Свердловсктәи аобласт азы Аусбарҭа хада амаҵзуратә машьына абылра иалахәын ҳәа азгәарҭеит аусбарҭа аҟны.