Урыстәыла

Иаха зымчхара ӷәӷәамыз адгьылҵысрақәа ҟалеит Шәача

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Иаха зымчхара ӷәӷәамыз адгьылҵысрақәа ҟалеит Шәача ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит асеисмологиатә станциа аиҳабы Елена Карпович.
Реиҳа иӷәӷәаз ҟалеит асааҭ 04:47 рзы, уи амчхара — 3,5 балл иҟан.
Адгьылҵысра ҟалеит 20 километр араион маҷ Быҭха инацәхыкны. Кавказтәи ашьха-ҿақәа реизҳара ауп адгьылҵысрақәа зыхҟьаз ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит асеисмологиатә станциа аиҳабы Елена Карпович.
Адгьылҵысрақәа ақалақь аҩнуҵҟа ԥырхага ҟарымҵеит, аӡәгьы ааха имоуит.