Иааидкыланы ашықәс ицәгьамкәа имҩаԥысит ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит Кәыҵниа. Егьырҭ ашықәсқәа инарҿырԥшны аԥсыҭбарақәа иаҳа имаҷын, амашәырқәа усҟак ирацәамызт, иазгәеиҭеит иара.
Урыстәыла арегион ҿыцқәа аус рыцуразы атәыла хада ихаҭарнак ҷыда иаҳасабала еиҭеиҳәеит, иҷыдоу арратә аоперациаҿы Аԥсны алагала атәы. Иара иажәақәа рыла,иҭахаз аԥсуаа рхыԥхьаӡара рацәахеит, уи аҭагылазаашьа угәы унархьыртә иҟоуп.
Кәыҵниа дазааҭгылеит ашықәсан уи ахырхарҭала имҩаԥгаз аусура атәы, Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы рылшарақәа ахьынӡаҟоу, уааԥсырала иахьынӡеиқәшәо.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.