Арадио

Еныкь еиҭеиҳәеит ашықәсан аус зыдулаз ақәыргыламҭақәа, Аԥсны аҩнуҵҟа ирымаз агастрольқәа

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашықәс иалагӡаны ирылшаз, ҿыц иқәыргылаз аспектакльқәа ртәы, иааԥхьоу арежиссиорцәеи дареи русеицура шыҟаз.
Sputnik
Аусуратә план иарбаз зегьы ҳахьӡеит, ҳалшарақәеи ҳҭагылазаашьақәеи зеиԥшраз ала хар амамкәа иҳәеит Еныкь. Иара иажәақәа рыла рыла, Есымчыбжьа ихәмарыр акәын спектакльк, рымшқәа зегьы харҭәаан. Аԥсны араионқәа рҿы агастрольқәагьы мҩаԥган, адуцәа рзы ақәыргыламҭа ҿыцқәа ҩба ыҟан, ахәыҷқәа рзы спектакльк ықәыргылан.
Аслан Еныкь иаҳа инарҭбааны еиҭеиҳәеит ҿыцны аус здырулаз ақәыргыламҭақәа ртәы, иааԥхьоу арежиссиорцәеи дареи русеицура шцоз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.