АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны апарадқәа Урыстәыла ақалақьқәа 28 рҿы имҩаԥгахоит ҳәа иҳәеит атәылахьчара аминистр Андреи Белоусов.
Урҭ рахь иаҵанакуеит Москва, ақалақь-фырхацәа 8, арратә округқәеи афлотқәеи, азеиԥш архәҭақәеи, Каспиатәи афлотилиеи рыштабқәа ахьгылоу ақалақьқәа 19. Апарадтә гәыԥқәа реилазаара иалахәхоит Иҷыдоу арратә операциа алахәылацәа. Уи адагьы, аиҩызаратә тәылақәа 19 рҟынтәи арратә ҟәшақәа ааԥхьара рыҭоуп, урҭ рҟынтәи 10-тәылак рхы шаладырхәуа шьақәдырӷәӷәахьеит.
"Урыстәылатәи арратә еиҿкаарақәа Аҟәа, Цхинвал, Душанбе, Бишкек ақалақьқәа рҿы имҩаԥысраны иҟоу Аиааира Амш азгәаҭарақәа рхы рыладырхәуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Белоусов.