АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Гагра аихамҩатә павильион азааигәара амашьына блит.
Ахҭыс азы адырра ҟалеит иахьа ашьыжьымҭан асааҭ фба рзы ҳәа Sputnik изаанацҳаит Гагра араион ахьчаразы амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша.
Аиқәырхаҩцәа амца дырцәеит, аха амашьына зтәыз аҭыԥ аҿы дыҟамызт. Уи ихаҭара уажәы ишьақәдыргылоит. Ахҭыс иахҟьаны аӡәгьы акгьы имыхьит.