АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Амшын еиқәа ихҭәалаз амазут Аԥсназы ишиашоу ашәарҭара аҵам ҳәа арадио Sputnik аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбар.
Амшынӡы аҟәандара ахьылаҟәу иабзоураны анефҭаалыҵқәа рҽырзеиҵыхӡом, убри азоуп Ҟәбинеи Ҟрыми ирзааигәоу аԥшаҳәақәа рҟынӡа ахьакәу изнеиз.
Уи адагьы, акраҵанакуеит Аԥснынтәи урыстәылатәи акурортқәа рахь аӡы амҩасра ахьцо. Арадио Sputnik аҟны Дбар иазгәеиҭеит аԥшасра иахҟьаны амазут ахәҭак ҳара ҳганахь ахы хазаргьы, 350 километра инареиҳаны иахьҳабжьоу иабзоураны аранӡа изааиуам ҳәа.