Арадио

Ҳагба Асектор Газа аҿы ахымца аанкыларазы: аҭынчра нагӡахоит ҳәа агәрагара цәгьоуп

Асектор Газа аҿы ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы ари ажәабжь ахҳәаа аиҭеит.
Sputnik
Асектор Газа аҿы ахымца аанкыларазы хәҭа-хәҭалатәи аилаӡара абжьаҵаразы аиҿцәажәарақәа мҩаҧган Катар. Аиқәшаҳаҭра амч аиуеит ажьырныҳәа 19 инаркны, актәи аетап 42 мшы ицоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Катар аҧыза-министр Мухаммед Аль-Тани иажәақәа шьаҭас иганы.
Ари аамҭа иалагӡаны рхы иақәиҭтәхоит израильтәи аҭҟәацәа 33-ҩык. Уи адагьы аиқәшаҳаҭрақәа иазҧхьагәарҭоит палестинаа абахҭақәеи егьырҭ аанкыларҭақәеи рҟынтәи роушьҭра.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.