АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы Адгәыр Хәырхәмал аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатс ашәҟәы дҭаргалеит.
Аӡбара рыдыркылеит АКХ аилатәараҿы ажьырныҳәа 16 рзы.
Иахьа акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара аус хыркәшахеит.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп: Бадра Гәынба, Роберт Аршба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, иара убасгьы ахада ихаҭыԥуаҩразы акандидатцәа – Беслан Бигәаа, Дауҭ Агрба, Алхас Џьынџьал, Адгәыр Какоба.
Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран 15 рзы.