АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла амассатә хархәагақәа рредакциақәеи ажурналистцәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рыламҭалазы русураҿы иахьатәи азакәанԥҵара мҩақәҵагас иҟарҵаларц, акандидатцәа зегьы еиҟароу аинформациатә лшарақәа рзаԥырҵарц.
"Алхрақәа ртемақәа ирызку аматериалқәа акандидатцәа зегьы рганахьала обиективла, еилых ҟамҵакәа, аинформациа иаша рыманы, иҭышәынтәаланы иҟазароуп", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ҟалоит жәабран 15 рзы. Аԥсны Алхратә комиссиа адаҿы акандидатцәа ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп: Бадра Гәынба, Роберт Аршба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.