Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара аамҭа хыркәшоуп. Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа арадио Sputnik аефир аҿы уи аихшьаалақәа ҟаиҵеит, алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсны анҭыҵ раартра азҵаара ахҳәаа аиҭеит, иара убас далацәажәеит агитациа иаҵанакуа аԥҟарақәа ртәы.
Алиас Бранӡиа дазааҭгылеит акандидатцәа ашәҟәы рҭагалараан иҟаз агхақәа ртәы, агитациа аԥҟарақәа, насгьы Аԥсны анҭыҵ алхырҭатә ҭыԥқәа ахьаартхо, урҭ раартра алхратә комиссиа хада ишышьақәнарӷәӷәо.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.