Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ханан апроект "Еицеиқәҳархап аԥсҭазаара" ралахәхара иазкны

Sputnik
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаԥнагеит ауаҩы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло анаркотикатә маҭәашьарақәа рҽацәыхьчареи, агәабзиара ишацклаԥштәуи иазку аицлабра "Еицеиқәҳархап аԥсҭазаара". Уи асоциалтә проект иадԥхьалан 350- ҩык инарзынаԥшуа ашколқәеи аколлеџьқәеи рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи. Акомандақәа авидеонҵамҭакәа рыла иаадырԥшыр акәын арҩашьыгақәа ирыдҳәалоу апроблема аԥырҟәҟәааразы знеишьақәас ирбо. Аицлабраан иреиӷьу аусумҭақәа хԥа рахьынтә аҩбатәи аҭыԥ анашьахеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь. Аҵараиурҭа амаӡаныҟәгаҩ Мариа Ханан арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аицлабра аҵакы, анаркотикқәа рҽацәыхьчара иазку авидеосахьа аҟны иаадырԥшыз, шаҟаҩы уи рхы аладырхәыз, аҿарацәа ишазыҟаз анаркотикқәа рҽацәыхьчара иазку ауснагӡатә.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.