АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. 2025 шықәса ажьырныҳәамза 30 инаркны Шәачатәи аҳазалхарҭа Аахыҵтәи аҳазалхарҭатә Усбарҭа ааилазаара иадҵахоит.
Аусбарҭа аусзуҩцәа русуратә ҵакырахь иаҵанакуеит: Тҟәаԥс араион, Шәача, Тҟәаԥс, ақалақь ҟазшьа змоу аиланхарҭа Сириус, иара убасгьы арҭ административтә еиҿкаарқәа рыԥшаҳәақәа ирыԥну Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыратә мшын аӡымҽхакыра.
Шәачатәи аҳазалхарҭатә усбарҭа аҭыӡҭыԥ: Шәача, Хосҭа араион, Гагринскаиа амҩа, аҩ. 12.