Арбагақәа еиҿырԥшуа Ԥандариа иҳәеит, ҵыԥх 15 мшы ирылагӡаны 7832-ҩык атуристцәа шырҭааз, иахьазы ажьырныҳәа 15 рзы – 6004 -ҩык, аха амза нҵәаанӡа макьана ауаа ҟалап ҳәа агәыӷра ыҟоуп, ҳәа иҳәеит иара.
Ԥандариа игәаанагарала, ауааԥсыра рхыԥхьаӡара амаҷхара атәылаҿы афымцалашара аганахьала иҟоу аиԥҟьарақәа анырра анаҭозар алшоит, уи еибырҳәоит акаҭаҿы (асоциалтә ҳақәа рҿы - аред.) иҭоу ауаа, иазгәеиҭеит иара. Сынтәа бжьаратәла мышкы зықьҩык аҳаԥы иҭалон. Амза акы инаркны аҳаԥы аартын. Жәохәымш иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауан. Алашара акәзар, аҳаԥы аусура адизельқәа рыла еиқәыршәан.
Ахортә капелла аконцерт далацәажәауа, афонҿыцтәи аҳаԥы актәи ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, машәырла иақәшәаз гәахәарыла ишрыдыркылаз. Аусмҩаԥгатә Аԥсны аӡыргара ишахәо.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.