Аԥсны

Қьырса Иӡаахра амш иазкны Каман ацқьа Василиск иӡыхь аҿықә аҟны Аӡӡахра мҩаҧысит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19- Sputnik. Қьырса Иӡаахра азы ацқьа Василиск иӡыхь аҿықә аҟны Аӡӡахра мҩаҧысит.
Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит, Аӡӡаахра амш адоуҳатә ҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Анцәаимҵаныҳәара ашьҭахь аӡы иҧшьеит, уи ашьҭахь ауаа рыҽӡаархит.
Аҭыҧ аҟны иҷаҧшьон аҳақьымцәеи АҶА аиқәырхаҩцәеи.