Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Хоџьааԥҳа ажурналист Даур Инаԥшьба изкны

Sputnik
Ззанааҭ ламысла, такԥхықәрала амаҵ азызуаз Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, арратә корреспондент Даур Инаԥшьба иуаҩышьа, иҟазшьа, иус дшазнеиуаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Емма Хоџьааԥҳа.
Аԥсуа культура иаиуит ацәыӡ. Иӷәӷәамҭа дышҭагылаз идунеи иԥсахит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Даур Инаԥшьба.
"Ажурналистцәа ҳабжьара имаҷзар ҟалап зыуаҩреи зыпрофессионализми рыҩаӡарақәа еиваҟәыло иныҟәызгоз Даур еиԥш… Аԥсуа журналистикаҿы дыҟамзар ҟалап аҽаӡәы ҳабжьара иара иаҟара ахӡырымгара, аиндаҭлара зламыз. 35 шықәса инархыҳәҳәо Даур акорреспондентс аус иухьан, ҿыцны инеиуаз ажурналистцәа қәыԥшцәа дрывагыланы аус иуан. Ҳәарада, уи иаҵанакуа рацәоуп. Иара изы аиҳабыра аҭыԥқәа, арегалиақәа акгьы аанагаӡомызт, зегь раԥхьа иргылон иара изанааҭ", - лҳәеит Хоџьааԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.