Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба аибашьраан Аҟәа еиҿкааз "Аԥсны аиқәырхаразы аилак" иазкны

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ақырҭцәа раԥшьгарала ажьырныҳәа 20, 1993 шықәсазы аҳҭнықалақь Аҟәа еиҿкаан "Аԥсны аиқәырхаразы аилак" ҳәа . Избан изазыӡбаз ус еиԥш ахеилак аԥҵара, иаӡбарц иалшоз, насгьы иалахәызма уи аԥсуа милаҭ еиуаз, ҳтәыла аполитикатә ҭагылазаашьазы ныррас ианаҭарц алшоз, аҭоурыхҭҵааҩцәа ари аилак аганахьала иҭырҵааша адокументқәа ыҟоума, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩы Аслан Аҩӡба.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа иалаханы иҟаз аԥсуаа рхаҭарнакцәа алархәны аилак аԥҵара провокациан, ус еиԥш ахыиҳәаахьан Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабыс иҟаз, зхаҭа аҳҭнықалақь аҿы иҟаз Александр Ҭариа, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҿы аҭоурыхҭҵааҩ.
"Ахеилак еиҳараӡак хықәкыс иамаз ара инханы иҟаз аԥсуаа, рҭагылазаашьа усгьы иуадаҩӡан, аха аԥсуа закәантә еиҳабыра имҩаԥыргоз аполитика аҿаргылара акәын, насгьы Аԥсны анҭыҵ аинтерес зманы иԥшоз ауаа иддырбон аԥсуаа злахәыз ахеилакқәагьы ақырҭцәа имҩаԥырго аполитика ишазааигәаз. Аԥсуа милаҭ реиҩшара рхықәкын. Абри ахеилак ахь мчыла, хаала инаргаз зегьы Арӡынба имҩаԥиго аполитика иаҿагылоуп, аԥсуаа иқәшаҳаҭӡам, иара ихы иааҭашәаз ҟаиҵоит ҳәа абри аҩыза аларҵәара ҟарҵар рҭахын",- иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.