Шықәсык аԥхьа Аҟәа амца зкыз асахьаҭыхратә галереиеи, иблыз ацәыргақәҵатә зали ныррас иҟанаҵазеи ҳкультуратә ҭынхазы, амца иацәанхаз аусумҭақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа шԥамҩаԥгаз, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа.
Ари ихьаау зҵаароуп аԥсуа милаҭ зегьы рзы, иҳахьыз макьана аҵыхәанӡагьы иаҳзеилымкаацт, ҳәа иҳәеит Габлиа аиҿцәажәараҿы.
"Аҟәа иҭаз ахьы блит. Ари зхарам ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам", - иҳәеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.