Логәуа иажәақәа рыла зынӡа ацитрус аганахьала 50 000 тонна аҽаҩра аарыхын. Аҳәаа иахыгоуп 37 300 тонна. Ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо иабжьгаҩ иҳәеит, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа 2024 шықәсазтәи аҽаҩра ахаҭабзиара шыбзиаз, уи зыбзоурахазгьы, анхацәа имҩаԥыргаз ахәшәтәрақәа шраку. Бжьаратәла кьылак аманадарин 70-80 мааҭ ҳәа ирҭиит.
Логәуа еиҭеиҳәеит, асезон аан аҳәааҿы агәаранқәа рыцәцара шалыршахаз.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.