Арадио

Шәлымба: амаршруттә транспорт ахә ашьҭыхра автобус ахәԥса анырра анаҭаӡом

Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит амаршруттә транспорт ахә ацҵара азҵаара, иара убасгьы ақалақь аҿы автобусқәа ахьынӡеизхо.
Sputnik
Ажьырныҳәа 15 рзы аҟәатәи амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа рхатәгәаԥхарала амҩақьыра 30 мааҭ рҟынтәи 50 мааҭ рҟынӡа ишьҭырхит. Анаҩсан аусура иҭымҵит уи азы азин ахьрымамаыз инамаданы. Ажьырныҳәа 20 рзы амаршрут таксиқәа рызҵаара ӡбахеит. Уажәшьҭа ахәԥса 40 мааҭ ишьақәгылоуп.
"Ари азҵаара аӡбара аус зегьы еилибакаарала иазнеит. Апассаџьырцәа агәамҵра рымамызт, автобусқәеи атроллеибусқәеи еизибархон. Ахәԥса ахә ашьҭыхра амаршруттә транспорт аганахьала ацәажәарақәа цон ҵыԥх аахыс. Азҵаара ас ицәырҵыр ахәҭамызт", - ҳәа иҳәеит Шәлымба.
Убри аан иара иазгәеиҭеит, амаршруттә транспорт ахә ашьҭыхра автобус ахәԥса анырра шанамҭо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.