Аусумҭақәа, амҳаџьырцәа ирызку, иара убас "Харантә иааиуа амузика" алԥшаан акомиссиа алахәылацәа имҩаԥыргаз аҵәҭаԥсарала. Логәуа еиҭеиҳәеит, иара ирыдигалаз асахьақәа рҟынтә урҭ шалкааз.
Даҽа ҩ-усумҭак аҟаза авторс дызмоу Ле Корбиузе ихьӡ зху акультуратә центр аҿы ихшьуп, аартра ҟалараны иҟоуп.
"Ацәыргақәҵақәа ԥышәароуп. Уахь инеиуа зегы профессионалцәоуп. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳусумҭақәа анализ аназыҟарҵо. Гәазыҳәарак узцәырнагоит. Иҿыцу, иҵауло азҵаарақәа ықәыргылан аусурахь унанагоит", - иҳәеит Логәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.