Аԥсны

ВЦИОМ: ауаажәларра ргәаанагарала, Бадра Гәынба аиааира игоит Аԥсны ахада алхрақәа раан

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны Бадра Гәынба аиааира игар илшоит Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи ацентр (ВЦИОМ) имҩаԥнаго а́зҵаарақәа рылҵшәақәа рыла.
А́зҵаара иалахәыз алхыҩцәа рҟынтәи 32% рыбжьы ирҭар ҟалоит, арҭ арбагақәа ҩынтә еиҳауп Адгәыр Арӡынба (15%) иоуз раасҭа.
"Уажәеиԥш ишцо ицалар, иара (Гәынба-аред.) аиааира игар алшоит", — иҳәеит Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи ацентр (ВЦИОМ) ахада Валери Фиодоров.
Иааидкыланы Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны алхыҩцәа рааира — 69% иартәар ҟалоит ҳәа аадырԥшуеит Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи ацентр имҩаԥнаго а́зҵаарақәа. Уи аан алхрақәа анымҩаԥысуа амши аамҭеи рдыруеит а́зҵаарақәа ирылахәыз 77% ауаа.
"Алхыҩцәа реиҳараҩык алхрақәа шымҩаԥысуа рдыруеит. 77% — арҭ арбагақәа маҷӡам. Алхрахь инеиуа алхыҩцәагьы рхыԥхьаӡара ҳаракхоит. Уажәнатә 69% ҳнеиуеит рҳәозар, алхрақәа рҽны еиҳагьы еиҳахар ҟалоит", — иҳәеит Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи ацентр (ВЦИОМ) ахада Валери Фиодоров.