Урыстәыла

Ҟрымтәи ацҳа иқәсуа зегьы рзы апаспорттә гәаҭара алагалоуп

Аԥҟарақәа атерроризм иаҿагыло аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иадҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы апаспорттә гәаҭара алагалоуп ҳәа Telegram аҟны иҟьыԥхьит арегион атранспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Овдиенко.
"Ҟрым ахырхарҭала Ҟрымтәи ацҳаҿы апаспорттә гәаҭара алагалоуп — иҷыдоу амаҵзурақәа атерроризм иаҿагыло аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Адгьылбжьахалахь ицо зегьы атәылауҩшәҟәы ахаҭа, мамзаргьы "Аҳәынҭмаҵзура" аҟнытә иддырбароуп.