АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Афымцалашара ахьыҟамыз Аҟәа Ажәытә ҳаблеи Аҳабла ҿыц ахәҭаки рҿы еиҭашьақәдыргылеит ажьырныҳәа 27 ауха ҳәа Sputnik адырра арҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, афымцацәаҳәақәа руак ҿыблааны иҟан.
Аремонттә бригада аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ ԥшааны асааҭ 01:00 рзеиԥш афымцалашара еиҭашьақәдыргылеит.