Аԥсны

Аԥсны АҶА алахәхоит аусбарҭабжьаратә аԥышәара-ҭҵааратә ҽазыҟаҵарақәа "Арктика-2025"

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны АҶА алахәхоит аусбарҭабжьаратә аԥышәара-ҭҵааратә ҽазыҟаҵарақәа "Безопасная Арктика-2025".
Ареспублика ахьӡала уахь ицоит аминистр ин.н. Лев Кәыҵниа, Очамчыра араион ахьчаразы амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы — Урыстәыла арктикатә хәҭаҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥырҟәҟәаареи раԥыхреи рзы иҟоу амчқәеи иаку аҳәынҭқаратә система ахархәагақәеи ргәаҭареи роуп.