Аԥсны

Аԥсны атәылауаа Урыстәыла иахьынхо иҵегьы алхратә ҭыԥқәа аадыртырц аҳәара ҟарҵеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа рзы Москвеи Черкесски ақалақьқәа рҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба азхом иааиуа аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раан абжьыҭиразы.
Краснодартәи атәылаҿацәтә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсуа культуратә центр "Аԥсны" Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭахь алхырҭатә ҭыԥ-цҵа аартразы аҳәара ҟаҵо ашәҟәы нанашьҭит.
"Ҳаргьы Аԥсны атәылауаа ҳауп, ҳабжьы ҳҭиирц ҳҭахуп. Атәылаҿацә дууп, астатистика инақәыршәаны 1600-ҩык рҟынӡа Аԥсны атәылауаа нхоит", — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкаара ахантәаҩы Уасил Ҷанба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ иаԥсоуп ҳәа ииԥхьаӡо иалхра азин шимоу. Ҷанба иациҵеит, аиҿкаара аӡәгьы изы агитациа мҩаԥнагом, аха атәылауаа абжьыҭиразы алшара роурц шаҭаху.
Ҟабарда-Балкариа Хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахада Казбек Иахагоев иҳәеит ҞБА аҿы инхо Аԥсны атәылауаа рыԥсадгьыл "аԥеиԥши уаҵәтәи амши" гәыла-ԥсыла ишаргәаҟуа.
"Иарбанзаалак абжьы Аԥсны азы акырӡа аҵанакуеит. Убри аҟнытә ҳара аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ҳгәазыҳәара аарԥшреи алхрақәа рылахәреи рзы алшара ҳаҭаразы", — ҳәа аҳәоит аидгыла аҳәамҭаҿы.
Москватәи аԥсуа диаспора анапхгара ахаҭарнак, агәыҳалалратә фонд "Ашана" ахада Беслан Шьакаиа иазгәеиҭеит Урыстәыла алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аишацҵатәу, урҭ Черқьесск, Санкт-Петербург, Краснодар, Ставрополь, Маиҟәаԥ, иара убас Шәача ишаарттәу.
Адыгеиа Хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Каплан Куижевгьы Аԥсны анапхгара рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Маиҟәаԥ алхырҭатә ҭыԥ аартразы. Иара игәаанагарала, уи Адыгеиа инхо Аԥсны атәылауаа "рҭоурыхтә ԥсадгьыл алахьынҵа анырра азыҟаҵаразы" алшара рнаҭоит.
"Адыгеиа инхо Аԥсны атәылауаа рҟынтәи аӡәырҩы ртәыла аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы ишиашоу абжьыҭира рхы аладырхәырц рҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп урҭ зегьы уи азы азин шрымоу. Аха абжьыҭира амшқәа раан Аԥсныҟа ааразы зегьы алшара рымам. Сгәанала, ҳара иҳалшоит, насгьы уи азы иахәҭоу зегь ҟаҳҵароуп, ари аҩыза аҭагылазаашьаан ацхыраара рыҭаразы", — ҳәа азгәеиҭеит Куижев.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа жәабран 15 рзы имҩаԥысраны иҟоуп. Алхратә ҭыԥқәа аартхоит Москва, Черқьесск, Ҭырқәтәыла ақалақь Сақариа (Адаԥазар).