Аԥсны

Аԥсны иаҭааит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҟынтәи аделегациа Аԥсныҟа иааит агәабзиарахьчара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа роптимизациеи русура ахаҭабзиара аизырҳареи рызҵаарақәа рзы аиҿкаара-методикатә цхыраара аҟаҵаразы.
Аминистр ин.н. Едуард Быҭәбеи дареи еицны Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыцтәи рхәышәтәырҭақәа ирҭааит.
Акадрқәеи атехникеи рыла реиқәыршәара, аҳақьымцәа ирԥынгыло ​​ауадаҩрақәеи аҭахрақәеи рызҵаарақәа шьҭыхын. Уаҵәы Аҟәа амедицинатә усбарҭақәа – Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада, зыргылара иаҿуи аус зуеи ахәыҷтәы хәышәтәырҭақәа, аинфекциатә хәышәтәырҭа рҭаара азԥхьагәаҭоуп.
Ажьырныҳәа 29 рзы аспециалистцәа Очамчыра, Гал, Тҟәарчал ақалақьқәа рхәышәтәырҭақәа рахь ицоит.