Аекологиатә институт асас Саратовтәи институт адоцент Иури Петров аԥсуа ҵарауаа қәыԥшцәа ирыдигалеит Сириус аус зуа аԥхынтәи апрограмма ахалархәра IT технологиақәа рганахьала аус зуа. Апрограмма зызку ашколхәыҷқәа роуп аҟынтә, адырра рыҭан ашколқәа рнапхгаҩцәа, арҵаҩцәа. Иалԥшаан 12-ҩык, ҩ-проектк аус адуларазы. Ахәыҷқәа уажәы аԥсыӡқәа рсахьақәа реизгара иаҿуп, анаҩс атехника урҭ еилнакаарцаз иарҵаны, акамера аӡаҵаҟа ашьҭра ргәы иҭоуп. Ахәыҷқәа ари апроект рхы иархәаны анаҩс аицлабрақәа рҿы иқәгылар рылшоит ҳәа иҳәеит Ломиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.