Аҟәатәи 7-тәи алхратә ҭыԥ хада дууп, уи 5555-ҩык алхыҩцәа аҵанакуеит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҷолариа. Уажәы акомиссиа алахәылацәа асиақәа аус рыдулара иаҿуп.
"Зыԥсҭазаара иалҵхьоу ианыхтәуп, 18-шықәса зхыҵыз далаҵатәуп, ҿыц зыҽҭазыҩыз далкаатәуп, анаҩс АКХ асаиақәа анышьақәнарӷәӷәалак, ҳнапаҿы асиа хада ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Ҷолариа.
Галтәи 35-тәи Алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы Ахра Кәакәасқьыр еиҭеиҳәеит, асиақәа аус шрыдыруло, иааидкыланы 2000-ҩык инархыҳәҳәо алхыҩцәа шрымоу.
Алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩцәа иазааҭгылеит, абжьы ахьарҭо аҭыԥқәеи ауадақәеи шеиқәыршәахо атәы, алхрақәа рымш аан акомиссиа алахәылацәа русура шеиҿкаахо.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.