Аԥсны

Урыстәыла АҶА Аграждантә хьчара академиа Аԥсны АҶА ахаҭарнакцәа рзы аквотақәа ирыцнаҵоит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу Аграждантә хьчара академиа Аԥсны АҶА ахаҭарнакцәа акурсантцәа раҳасабала рыдкыларазы аквотақәа ирызнарҳауеит.
Аминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа ихьӡала иаашьҭу аофициалтә шәҟәаҿы ишазгәаҭоу ала, Академиа азыхиоуп Аԥсны АҶА аофицерцәа аҵаратә программа "Арратә хәҭақәеи аидҵарақәеи рнапхгараҭара" ахырхырҭаҿ латәаратәи аформала зыӡырыҩцәак раҳасабала разыҟаҵара азҵаара ахәаԥшра.
Урыстәылатәи аҵараиурҭа иара убасгьы иазхиоуп Аԥсны АҶА аҭҵаарадырра-рҵаҩратә кадрқәа Академиаҿы латәаратәи адиунктураҿы разыҟаҵара.