Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чамагәуаԥҳа ансамбльқәа "Гәындеи" "Нарҭааи" ирызкны

Ансамбль "Гәындеи" аетнографиатә ансамбль "Нарҭааи" рсахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит 2024 шықәса арҿиаратә гәыԥқәа рзы ишымҩаԥысыз, ҳаԥхьаҟа ргәы иҭоу.
Sputnik
Чамагәуаԥҳа илҳәеит, ицаз ашықәс азы 20 концерт раҟара ақыҭақәа рҿы ишымҩаԥыргаз, лара уи русураҿы зегь реиҳа ихадоу акәны иалылкаауеит. Иҟан Москва афестиваль аҿы. Аконцертқәа ахьыҟаҳҵалакгьы ажәлар рыбзиабара ҳацуп ҳәа азгәалҭоит лара.
Роза Чамагәуаԥҳа еиҭалҳәеит "Гәында" иахьа уажәраанӡа еиқәырхашьас иамоу атәы, ҿыц иааиуа аҿар иазыҟаҵаны ансамбль ахь ишналго.
"Ақыҭақәа рахь ҳцара аус ду ауеит. Ахәыҷқәа ҳанырбалак иааиуеит, жәлар рарҳәагақәа рҿы ахәмаршьа рҵар рҭахуп", - лҳәеит лара.
Роза Чамагәуаԥҳа иазгәалҭеит апрограмма сынтәа иҿыцу жәлар рашәа - алаф ашәа шалагалахо.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.