Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы "Амшынеиқәафымцамч" афымца ҳақәа изакәанымкәа рыҽрымадара аҿагыларазы аҭыԥантәи аоперативтә штабқәа раԥҵаразы ақәҵара инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба. Акриптоԥара арҳара иахҟьаны ҳтәыла аенергетикатә кризис иҭагылоуп. Изакәанымкәа уи знапы алаку раарԥшразы Гәдоуҭа араион аҿы аус шеиҿкаау атәы еиҭеиҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра араионтә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Бенур Цеиба.
Гәдоуҭа араион аҟны иҳаҩсыз ашықәс азы 395 амаининг-аппарат ԥшаан, урҭ рыбжьара иҟан аус зуаз, иара убасгьы иаҿыхны иҟаз ҳәа адырра ҟаиҵеит Цеиба. Ҳазҭоу амзазы макьана ус еиԥш ахархәагақәа рԥыхьамшәацт, ирымоу адыррақәа аус рыдырулоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.