АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Урыстәыла шьамтәылатәи ажәлар акризис ашьҭахь атәыла аиҭашьақәыргылараҟны ацхыраара рыҭара иазхиоуп.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Богданов напхгара зиҭо аусбарҭабжьаратә делегациа амчра аԥсахра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Дамаск иаҭааит ҳәа аанацҳауеит адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аделегациа алахәылацәеи Шьамтәыла анапхгара ҿыц рхада Аҳмед Шарааи аамҭалатәи анапхгара алахәылацәеи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
Урыстәылатәи аган Шьамтәыла акзаареи, аҵакыратә еилымшәареи, асуверенитети ишрыдгылоу, иара убасгьы иҭышәынтәалоу аполитикатә процесс ашьақәыргылареи, ауааԥсыра зегьы атәыла аҩнуҵҟатәи апроблемақәа рыӡбара ралахәхара аҵак ду шамоуи азгәанаҭеит.
2024 шықәса абҵарамза анҵәамҭазы шьамтәылатәи аоппозициа бџьаршьҭыхла атәыла ар ирыжәлеит, ԥхынҷкәын 8 рзы Дамаск иалалеит. Ахада Башар Асад имаҵура ааныжьны Шьамтәыла далҵит, Урыстәыла агуманитартә ҵакы аҭаны ахыҵәахырҭа инаҭеит.