АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистри Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылараан иҳабжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ҳалагеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.
Аԥснытәи рколлегацәа аиҿкаара-методикатәи цхыраара рыҭаразы ареспублика иаҭааз Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа рус хдыркәшеит.
Быҭәба Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи дареи реимадара ихадоу ахәҭақәа рыӡбахә иҳәеит:
акадрқәа рыла аиқәыршәара азҵаарақәа,
ауааԥсыра рдиспансеризациа,
урыстәылатәи аклиникақәа рҿы аспециалистцәа рзанааҭдыррақәа рыҩаӡара аизырҳара,
ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа амаругақәа рыла реиқәыршәара.