Уахыки-ҽнаки ирылагӡаны 170-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра ахәшәтәырҭа иадҵаалоит, убри аан иахьазы 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа шьҭоуп, адуцәа 20-25-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аҳақьым иажәақәа рыла, ачымазаҩцәа зыргәамҵуа акәны иҟоуп рымцашоура 40 рҟынӡа ахалара, аимҳәа. Ачымазара арԥҳақәа рахь ииасуеит ауаҩы игәабзеира уашәшәыразар, еиҳараҩык абронхит рымоуп, агәаҵәыхь змоу еиҳа имаҷҩуп иҳәеит Шларба.
Ачымазарақәа ахәыҷқәа еиҳа ирылаҽуеит, уи ус шакәу ишьҭоу рхыԥхьаӡаралагьы иубоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.