Амаининг-фермақәа ыҟоуп ҳәа ҳазҳәаӡом, аха аҩнаҭақәа рҿы ҩба-хԥа ззықәгылоу дубап, иҟоу аҭагылазаашьагьы хьаасгьы ирымаӡам, иагьаҿырхӡом ҳәа иҳәеит Шьынқәба.
"Аштаб аус ауеит, ақыҭақәа ҳрылоуп, аха ауаҩы иҩны аҩналара проблемоуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Алашара ахә ахшәаара атәы далацәажәо Шьынқәба иҳәеит ауааԥсыра аԥара ашәара шырҭахым. Ҿыц аԥхьаӡагақәа ахьықәгылоу рҭагылазаашьа шеиӷьу, шамахамзар ауал зқәу ишдыршәоу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.