Аиҩызара ахаҿы рацәа змоу ауаа рҟазшьақәа ируакуп: ухәыҷраамҭақәа рҿы ииз аиҩызара, ашкол, ауниверситет рҿы ицәырҵуа аиҩызара, аусураҿы, анхара анҵыраҿы – ус еиқәуԥхьаӡаша рацәоуп.
Аиҩызара цқьа хәырбӷьыцҵас ахәрақәа рырӷьара алшоит, ауадаҩрақәа еиҩнашоит, иамаӡам ашьыцра, аҵибажаара. Хыхь еиқәыԥхьаӡаз аҿырԥштәқәа ирықәшәо аиҩызара ҳаамҭазы амшын аҵантә иҭырго абырлаш иаҩызахеит умҳәозар. Аԥшаара мариам, иануԥшаах, иахӡыӡаалатәуп.
Аиҩызареи ажәаԥҟақәеи
Аиҩызара аазырԥшуа жәлар ражәаԥҟақәа рахьтә иааугар алшоит:
Аџыр ԥыршәоит амцаҿы, аҩызара – ацәгьараҿы. Ацәгьара, агәаҟра уанақәшәа, ашәарҭара уанҭагыла, ацхыраара ануҭахха ауп уҩыза дзеиԥшроу анудыруа. Убри ауп лымкаала ари ажәаԥҟа иҳанаҳәо.
Аҩыза ааигәеи – аиашьа хареи; Аҩыза бзиа аразҟы узааигоит, арыцҳара уцеиҩишоит; Аиҩызцәа бзиақәа рҿаҵа еиҩшаны ирфоит; Аҩыза бзиа дызмоу абаа икәыршоуп; Аҩыза бзиа дарӷьажәҩоуп; Аҩыза бзиа умҩахәасҭа еимеигалом. Аиҩызара цқьа аиуара ианаадҩылоу атәы аҿырԥштәқәа маҷым, уимоу уадаҩрак уанақәшәалак, аҩыза ааигәа аиашьа еиԥш данувагылоу, дануцхраауа, хымԥада угәы ҭнагоит. Ԥхьаҟагьы ушимԥсахуа агәра угоит.
Аҩыза хьӡла аҵкыс, гәаҭала дыԥшаа. Ауаҩы ахьӡ имоуп, аиҳабра имоуп ҳәа ҩызас дышьҭумхын. Ҩызас иҟауҵаша уара узҭаху, ҳаҭыр уқәызҵо, уеилызкаауа иоуп.
Аҩызцәа рҳа, уаб ирҳазгьы умырӡын; Аҩыза ҿыц ирҳаразы ажә дкаумыжьын; Аҩыза ҿыц дануоу, ажәытәтәи дкаумыжьын; Аҩызцәа рҳа, уаб ирҳазгьы ухаумыршҭын. Иагьа аҩыза ҿыцқәа урҳаргьы, иагьа ауацәа ҿыцқәа уоургьы, ужәытә уацәеи анкьатәи уҩызцәеи ухаумыршҭын. Убри ауп арҭ ажәаԥҟақәагьы иҳабжьырго.
Аҩыза дыԥшаа амҩа уанылаанӡа, агәыла – аҩны ургылаанӡа. Ҭынч унхарц-унҵырц уҭахызар, ҩызцәас ишьҭухызи гәылацәас иумоуи зеиԥшроуи бзианы иудыруазароуп.
Аҩыза дызмам, имҩа хароуп. Аҩыза ааигәа ауадаҩраҟны данухаҵгыла, уус ирмариоит, умҩа хара иркьаҿуеит, ухьаа хиҽуеит.
Уҩыза дудырырц уҭахызар, аиҳабыра иҭ; Аҩыза дудырырц уҭахызар, аԥара ԥсахра иҭ; Аҩыза бааԥс иааинырсла аҟәрышь уҭнихуеит. Ауаа, шамахамзар, аиҳабыра анроулак, рҟазшьа, рлеишәа, рыԥсахуеит – иԥагьахоит, имҽыӷхоит, игәымбылџьбарахоит. Џьоукы-џьоукы "уара иутәу азгьы" удырцәгьоит.
Аҩыжәырҭаҿ иуҩызоу, агәаҟраҿы дхәарҭам. Ақьафураан иуцәнымхошәа зхы узырбо акгьы духәом, ус иҟоу ауаа агәаҟраҟны рҽԥхьаркуеит.
Аиҩызареи аԥхыӡқәеи
Ҩызас иуԥхьаӡо гәыкала дузыҟоу, мамзаргьы ушьҭахь, иахьумбо-иахьумаҳауа уҵижаауоу уҵарҳәар рылшоит аԥхыӡқәа. Иаагозар:
Ахьажьқәа еилаԥыруа уреиԥхыӡуазар, уатәазымбо ҩызак уԥсҭазаара дахәҭакуп.
Ԥхыӡла уеиқәа аԥыҭҳа алатата, иузамымхуа иубазар – ҩызас иуԥхьаӡо игәы цқьаӡам.
Ԥхыӡла асааҭ уцәырӷьычзар, ҩызас иуԥхьаӡо аӡәы дуҵашьыцуеит аанагоит.
Алаҳа ашәшьыра уҵатәоушәа ԥхыӡла иубар, уадаҩра ӷәӷәак аҿы уеиҳабацәа, ма уҩызцәа адгылара урҭоит.