Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аҵарауаҩ Аҩӡба аԥсуа ҳәынҭқарра иазкны

Sputnik
"Аԥсуаа ҳдоуҳатә, ҳатрадициатә дунеидкылашьеи, аамҭа ҿыци, азинтә системеи реиласшьа" азҵаара иалацәажәан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекономикеи азини ринститут аԥшьгарала имҩаԥгаз аиԥылараҟны. Уи иалахәын аҭоурых, азиндырра, афилологиа, аекономика русхкқәа рҟынтәи аҟазацәа.
Аиԥылара иалахәыз аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР Аԥсуаҭҵааратә институт иҿыцуи иҿыцӡоуи аҟәша аиҳабы, ААУ апрофессор Аслан Аҩӡба игәаанагарала, ҳатрадициатә дунеидкылашьеи Аԥсны иахьа иҟоу анапхгараҭаратәи аполитикатәи система еиҿыбааӡам.
Аҳәынҭқарра изызҳауа аорганизм иаҩызоуп, иахьа ишьақәсыргылеит, уаҵәгьы ус иҟазаауеит ҳәа аамҭа аҽыԥсахрақәа урзымхәыцыр ауам ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба ицәажәараҟны.
"Ҳара уажәы адунеи амаа ҳкыр ҳҭахӡам, ҳхы еиқәҳархар, иҳахьчар ауп иаҳҭаху иахьатәи ала аԥсуаа. Ҳзыхьчо аҳәынҭқарроуп. Абри аҳәынҭқарра ҟамлар, иара шыҟоугьы ҳҽаҳзыхьчом, аха иҟамлар, зынӡа акгьы ҳахьчаӡом. Уи ҳзеилкааӡом, ҳалахәмаруеит ҳзыхьчо ҳәа иҳамоу аҳәынҭқарра. Ирымҳәои "иахьынӡаумоу пату ақәуҵаӡом, ианыҟам ауп ианеилукаауа" ҳәа, аха иаҳцәыӡыргьы, иаҳзеилымкаар ҟалоит иахьа ҳашхәыцуа ала", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.