Адгьылҳәазара, уи азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳҳәынҭқарраҟны, изхылҿиаауа, аекологиатә зин ҳшазыҟоу, ашәарҭарақәа рҽацәыхьчаразы ихымԥадатәиу, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аекологиатә институт аиҳабы Роман Дбар.
Адгьылҳәазарақәа ҳтәылаҟны еснагь иҟан, амала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҳа ицәырҵуеит аҳауаҽыԥсахра, убасгьы ауаҩы аԥсабара иаиҭо аныррақәа ирхырҟьаны, иҳәеит Дбар.
" Еиҳараӡак ақәа илеиуа иалҵшәахеит. Иаҳҳәап, 300 нызқь милимметра шықәсык аҩныҵаҟа илеиуа иалагеит. Уи ҩынтә еиҳауп, иаагозар 25 шықәса раԥхьа иҟаз аасҭа. Уигьы факторк ауп. Насгьы ауаҩы ихымҩаԥгашьа. Аргылара данаҿу, иаҳҳәап, ишахәҭоу иҭҵаамкәа даналагалак, џьара-џьара ус еиԥш ахҭысқәа цәырнагоит, адгьылқәа ҳәазоит, аҿыбгарақәа ҟалоит. Ус иааизакны уахәаԥшуазар афакторқәа рацәоуп", - иҳәеит Дбар.
Иара иазгәеиҭеит аргыларазы апроект ашьақәыргылараан ишхымԥадатәиу агеологиатә, аеколого-гидрометеорологиатә, анџьныр-екологиатә ҭҵаарақәа.
"Еилкаауп ара аҩныҵҟатәи аргыларақәа анымҩаԥысуа урҭқәа бжьажьны ишыҟарҵо, избанзар ахарџь ацуп. Иаарманшәалашәа ианыҟарҵалак ашьҭахь, џьара-џьара ус ицар ҟалоит, аха абжьааԥны акы ахылымҿиаар алшом. Насгьы даҽакы ыҟоуп -арҭ аԥҟарақәа зегьы закәанла ишьақәырӷәӷәаны, хымԥада, иҟаҵатәу аус акәӡам. Уи азы досу иара ишибо еиԥш иҟаиҵоит. Ара аԥхьа инаргыланы иҟаҵатәу, аԥҟарақәа закәанла ишьақәырӷәӷәазароуп",- иҳәеит Дбар.
Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны адгьыл ахьҳәазо аҭыԥқәа рыҭҵаара, рхылаԥшра ҷыдала иҟаҵатәу усуп ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.