Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак аӡазы ауадаҩрақәа рымоуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ақыҭақәаки ақалақь иатәу Ацҳанхыҵ иахьаҵанакуеи аӡазы ауадаҩрақәа рымоуп.
Уа аӡы бзианы иааиуам ашьхараҿы иҟоу аҵаақәа рымшала Хыԥсҭа аӡиас иахьагхаз иахҟьаны ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа "Аӡыршьрҭра" аиҳабы Роман Тәанба. Уантәи аӡы Ҟәланырхәа, Жәандәрыԥшь, Абгархықә, Мгәыӡырхәа ақыҭақәа рахь қәыӷәӷәарада ахала илыбаауеит.
Тәанба иҳәеит аҭагылазаашьа аҽшамԥсахуа ашьхара аӡиас ахы ахьыҵнахуа ақәа леины иԥхаррахаанӡа ҳәа.