АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Сергеи Кириенко Аҟәа еицырдыруа "Брехаловка" даҭааит.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ акаҳуа ыжәуа, аҭаацәа драцәажәеит, урҭ рыбжьара дыҟан Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаагьы, Кириенко ашахмат ҳамҭас ириҭеит.
Кириенко дицын Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аекономика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Кристина Озган, Аҟәа ахада Беслан Ешба, жәларбжьаратәи абригада "Пиатнашка" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсныпресс.