АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада иакьыҧхьит Урыстәыла иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҭыӡҭыԥқәа.
Москва Аҧсны ахадарахьы акандидат изы абжьыҭира ҟалоит Шаболовка амҩаду, 36 аҟны,
Черқьесск ақалақь аҿы – Гутиакулов имҩаду, 2Б аҟны Акультура Аҩны аҿы.
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа жәабранмза 15 рзы имҩаԥысуеит. Урыстәыла иахьаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартхоит.