АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Владимир Путин дидышшылеит Украина ракетала Суџьатәи ашкол-интернат иахьеихсыз инамаданы.
"Ахәыҷқәа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз, ауацәеи аҭынхацәеи ргәаҵаҿы ахьаа ӷәӷәа аанзыжьыз ари арыцҳара ду агәырҩеи алахьеиқәреи ҳзаанагоит. Ас еиԥш иҟоу аамҭақәа рзы аидгылара аарԥштәуп, еилкаатәуп аԥсҭазаареи аҭынчреи ҵакыс ирымоу", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Украинатәи Арбџьармчқәа Курсктәи аобласт Суџьа ақалақь аҿы ашкол-интернат иеихсит, уи иахҟьаны ауаа ҭахеит, ахәрақәа зауз ҟалеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы иазгәанаҭеит Суматәи аобласт аҟынтәи аракетақәа шышьҭыз Аҳауахьчаратә мчқәа ишгәарҭаз. Ашьаусеилыргаратә еилакы атеракт азы ахәҭаҷ ала ашьаус хацнаркит.