АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аӡиа Риҵа азааигәара иӡыз урыстәылауаҩ иԥшаара иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ин.н. Лев Кәыҵниа.
"Аԥшаарақәа цоит, аха макьаназы алҵшәақәа ыҟаӡам. Аиқәырхаратә аоперациа 15-ҩык рҟынӡа алахәуп, дара риҵатәи аҩхаа зегь еимырдаауеит. Иара имацара дыҟоуп, данцоз ихатәы маҭәақәеи идокументқәеи аанижьит", — ҳәа иҳәеит иара.
38 шықәса зхыҵуа Тиумен инхо Алексеи Берестениов дыӡит Риҵатәи апарк аҟны жәабран 2 рзы.