АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Армен Саркисян, 2014 шықәса инаркны Донбасс ахьчара иалагаз "Пятнашки" иахәҭаку абаталион "Арбат" аиҿкааҩ иԥсҭазаара далцит Москва ақалақь аҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны ахәра ӷәӷәа иоуз иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Известия".
Ишьақәыргылам аиқәыршәага ԥжәеит Авиациатә мҩаду аҿы иҟоу анхарҭатә комплекс "Алые паруса" 29-тәи аихагыла ахолл аҟны. Убри аан, аӡәы дҭахеит, ԥшьҩык рҭагылазаашьа хьанҭаны ахәшәтәырҭахь инаргеит. Хырԥашьа змам аусбарҭа ахаҭарнак иажәақәа рыла, иԥжәаз аиқәыршәага амчхара 300 грамм атротили еиҟароуп.
Ашьаус хацыркуп.