Аацытәи а-20-тәи алхратә ҭыԥ хада ф-қыҭак аҵанакуеит, аха убри аан алхырҭаҭә ҭыԥқәа быжьба ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гамсаниа. Иааидкыланы 3700-ҩык рҟынӡа алхыҩцәа ыҟоуп. Уажәы акомиссиа алахәылацәа асиақәа аус рыдулара иаҿуп.
"Зыдунеи зыԥсахыз дыҟоуп, зықәра ааиуа дыҟоуп. Амза 5-нӡа аҭыԥқәа рҿы икыдзароуп асиақәа мазеины", - ҳәа иҳәеит Роман.
Акомиссиа алахәылацәа ртәы далацәажәо Гамсаниа иҳәеит, урҭ реиҳараҩык шырҵаҩцәоу.
"Дара азакәан ишаҳәо ала аус руроуп. Апату ду рықәзароуп ауаажәларраҿы, ақыҭаҿы. Аиҳараҩык аус рухьеит, аха еиҭа алхратә комиссиа аиҳабацәа ааны иддырбоит, ирарҳәоит алхрақәа раан аус шутәу", - ҳәа иҳәеит Роман.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.