Арадио

Хагәышь алхратә комиссиақәа русуразы: ацқьара аԥхьа игылазароуп

Sputnik
Бзыԥҭатәи а-11-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа иахьынӡазыҟаҵоу, уи иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа, асиақәа реиқәыршәара ахьынӡанагоу, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит алхратә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Баҭал Хагәышь.
Ажәеизатәи алхырҭатә ҭыԥ хада иаҵанакуеит алхратә ҭыԥқәа хәба: Бзыԥҭатәи, Арасаӡыхьтәи, Калининтәи, Алаҳаӡыхьтәи, Ацитрустә.
Алхратә ҭыԥқәа ҳармазеихьеит, асиақәа шьақәҳаргылеит, абжьыҭаразы акабинақәа рырмазеира ҳаҿуп, иҳәеит Хагәышь. Абжьыҭара азин змоу рхыԥхьаӡара хә-нызқьҩык иреиҳауп, иҳәеит ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы.
Иара иазгәеиҭеит акомиссиа алахәцәа русура цқьаны амҩаԥгара шырхықәку.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.